Рашәарамза 24, Санкт-Петербург аусура хацнаркит XIV Жәларбжьаратәи азиндырратә форум. Уи аусура далахәуп Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩы Диана Ҧлиа.
Афорум хыс иамоуп : «Иаамҭоуп азинмчраҿы аҟазаара». Уи азакәанҧҵареи азини ахырхарҭақәа рҟны иналукааша ауснагӡатәқәа ирхыҧхьаӡалоуп. Уи еиднакылоит аҳәынҭқаррақәа рнапхгараҭара ахаҭарнакцәа, азиндырреи аҭҵаарадырреи ахаҭарнакцәа, аполитикцәа, жәларбжьаратәи аиҽкаарақәа рхаҭарнакцәа уҳәа .
Афорум аусура шьақәгылоуп ҳаамҭазы актуалра зцу атемақәа инарықәыршәаны :
- Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа – зҽызыҧсахуа аамҭазы;
- Иҳараку азинмчра – аҳәынҭқарра азы;
- Азини ауаажәларреи;
- Азини абизнес аилазаареи;
- Атехнологиа ҿыцқәа азинмчраҿы;
- Аимакқәа рҭышәынтәалара;
- Азакәанҧҵара аҿиара;
- Азиндырратә хеилакқәа ҳаамҭазы;
Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи афорум мҩаҧыслоит рашәарамза 24 инаркны 26 – нӡа. Иазгәаҭатәуп, Аҧснынтәи афорум иара убас ишалахәу Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Ахантәаҩы Саида Быҭәба, Аҧсны Аиустициа Аминистр Анри Барцыц, Жәлар Реизара Апарламент адепутат Ҭемыр Шергелиа.