Урыстәыла Аҳәынҭқарра Амш аҳаҭыразы Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩы Диана Ҧлиа Урыстәыла Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩы Валери Зорькин адныҳәаларатә шәҟәы изылышьҭит.
Адныҳәаларатә шәҟәаҟны иазгәаҭоуп : «Иахьатәи Амш Урыстәылатәи Афедерациа аҭоурыхи аконституциатә мазареи рахь иамоу аҳаҭырқәҵара символра азнауеит. Урыстәылатәи Афедерациа азакәан амчра қәкыс иамоуп ауаҩы ишәарҭадареи ихьыҧшымреи рыхьчаразы.
Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭеи лымкаала сыхьӡалеи Аныҳәа шәыдныҳәало ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, азакәани ауаажәларреи рымаҵ аураҟны азанааҭтә еихьӡара дуқәа».