Аҧсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҟны аӡбаҩцәа реилатәара мҩаҧысит

Хәажәкыра 17, Аҧсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахыбраҟны имҩаҧысит  Аҧсны аӡбаҩцәа реилатәара. Уи қәкыс иаман Аҧсны аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа Рыквалификациатә коллегиа алахәылацәа ралхра.

Иазгәаҭатәуп, Аҧсны аҳәынҭқарра Аквалификациатә коллегиа аӡбаҩцәа ралхрақәа шымҩаҧысуа хышықәса рахьтә знык, хәажәкыра 10 рзы урҭ алахәылацәа русура аҽҳәара хыркәшан.

 Аилатәара иалахәын Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ҧлиеи Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәеи.

Аӡбаҩцәа ралхра иазкыз аилатәара  хацыркын Аҧсны аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа Рыквалификациатә коллегиа ахантәаҩы Маиа Кәыҵниа аусбарҭа хышықәсазтәи лаҳасабырба ала. Уи аҟны лара инарҭбааны дазааҭгылеит хышықәса ирылагӡаны имҩаҧгаз ауснагӡатәқәа ртәы.

Анаҩс рыӡбахә ҳәан Аҧсны аӡбаҩцәа Рыквалификациатә коллегиа алахәхаразы акандидатцәа рыӡбахә.

Азакәан инақәыршәан имҩаҧгаз абжьы аҭара абзоурала Аҧсны аӡбаҩцәа  Рыквалификациатә коллегиа алахәылас далхын – Гагра араион аӡбарҭа аӡбаҩ – Альберт Шевхужев.

Егьырҭ алахәылацәа ралхрақәа мҩаҧгахоит анаҩстәи аилатәараҟны.

 

 

Яндекс.Метрика

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2026 Конституционный суд Республики Абхазия | Официальный сайт