Ҧхынҷкәынмза 10 рзы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи ауаҩы изинқәа рыхьчара Амш. Ари арыцхә шьақәырӷәӷәан пхынҷкәынмза 4 1950 шықәсазы Париж. Уи ишьақәнарӷәӷәоит ауаа зегьы азакәан аҧхьа ишеиҟароу, досу ишимоу ажәеи ахьыҧшымреи рзы амч.
Ари арыцхә аҳаҭыразы Аҧсны Ауаҩы изинқәа рыхьчара знапы ианҵоу Анас Кьышьмариа лабжьгарала Аҟәа имҩаҧган ауаҩы изинқәа рыхьчара иазку III Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Ауаҩы изинқәа ашьаус-риашаратә усҭҵаараҿы: ахьырхәра азҵаарақәеи ахара здыз аҭынч ҧсҭазаарахь рырхынҳәреи» ҳәа хыс измаз.

Аҭҵаарадырра-практикатә конференциа рхы аладырхәит Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ҧлиа, Аконституциатә ӡбарҭа азбаҩ Лиудмила Хоџьашвили, аҳәаанырцәынтәи Ауаҩы изинқәа рыхьчара знапы ианҵоу ахаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа, аҵарауаа.

Ауснагӡатә аҟны ишьҭыхын ауаҩы изинқәа рыхьчара иазку азҵаатәқәа маҷымкәа.
