Пятніца, 05 Ԥхынгәы 2024 21:14

VIII Жәларбжьаратәи азиндырыҩцәа Реизара ду

Москва аусура хнаркәшеит VIII Жәларбжьаратәи азиндырыҩцәа Реизара ду. Уи далахәын Жәларбжьаратәи азиндырыҩцәа реидгыла Акоординациатә хеилак алахәыла Диана Ҧлиаҧҳа.

Аизара аҟны ишьҭыхын анаҩстәи азҵаатәқәа:

- Жәларбжьаратәи азиндырыҩцәа реидгыла Ахантәаҩы Акоординациатә хеилак аусура аҳасабырба;

- Жәларбжьаратәи азиндырыҩцәа реидгыла Аусҧҟа аиҭакрақәа ралагалара;

- Жәларбжьаратәи азиндырыҩцәа реидгыла Ахантәаҩы иалхра;

-Акоординациатә хеилак алахәылацәа ралхра;

- Жәларбжьаратәи азиндырыҩцәа реидгыла раҧхьаҟатәи русура ахырхарҭақәа азгәаҭара.