АЖӘАБЖЬҚӘА

Азакәан Хада – аҳәынҭқарра иашьаҭоуп. Ҳҳәынҭқарра Азакәан Хада рыдыркылеижьҭеи 32-шықәса ҵит.

Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩы Диана Ҧлиа ҳтәылауаа рахь иҟалҵаз адныҳәалараҟны иалкаауп: «Абҵарамза 26 1994 шықәсазы ирыдыркылаз Аконституциа ҳҳәынҭқарра ашьаҭа азнархиеит, иалнахит  анапхгараҭара амахәҭақәа, иалнакааит хадара зуа – ауаҩи, ихақәиҭреи ихьыҧшымреи. Уи арыцхә иаҳгәаланаршәоит амилаҭ ажәлар ракзаара, реидгылара, азакәан ахь рҭакҧхықәреи раҳаҭырқәҵареи.

Аҳәынҭқарра Азакәан Хада – иӷәӷәоу азинмчра иашьаҟоуп, ауаҩы изини ихақәиҭреи зыхьчо. Аконституциатә ӡбарҭа алкаауп Азакәан Хада аусура ахылаҧшразы, уи азакәанқәа рықәныҟәаразы,  ауаажәларра рзин ахьчаразы.

Аҧсны жәлар зегьы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аманшәалара, аизҳазыӷьара. Ҳҳәынҭқарра Азакәан Хадахь иҳамоу аҳаҭырқәҵареи агәцаракреи – иӷәӷәоу шьаҟаз ҳҳәынҭқарра ҧхьаҟатәи аҧеиҧш аҿиараҿы».