АЖӘАБЖЬҚӘА

Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәеи Аҧсуа Азиндырра амчыбжь алахәылацәеи Ахақәиҭра Апарк аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәеи Аҧсуа Азиндырра амчыбжь алахәылацәеи иргәаладыршәеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аибашьцәа. Дара ашәшьҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит аҳҭнықалақь Ахақәиҭра Апарк аҟны.

Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа 10-шықәса ахыҵра иазку Аҧсуа Азиндырра амчыбжь иалахәуп Урыстәылеи ҳаиашьаратә республикақәеи рҟынтәи асасцәа, урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟоуп : Аахыҵ-Уаҧстәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа  Ахантәаҩы Витали Џьоев, Урыстәыла Аконституциатә ӡбарҭа Асекретариат аиҳабы Константин Баигозин, Урыстәыла аҳәынҭқарреи азини Ринститут аҭҵаарадырра усзуҩ еиҳабы, азинҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла Бабурин Сергеи, Сербиа аҳәынҭқарра ашьауӷатә закәан Аиҿкаараазы аусбарҭа ахантәаҩы Станко Биатович, Сибратәи азиндырратә ҵараиурҭа аректор Иури Соловеи, Ҟабарда-Балкариатәи ауниверситет азеиҧш зҵаатәқәа рзы апроректор Мурат Гугепшоков, Патрис Лулумб ихьӡ зху Урыстәыла аиҩызара ауниверситет Шәачатәи аҟәша аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Долматов, Бербеков ихьӡ зху Ҟабарда-Балкариа аҳәынҭқарратә аполитикатәи азинмчреи рыҭҵаарадырратә центр анапхгаҩы Лиудмила Тхабисимова.