Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа аҭҵаарадырра-практикатә журнал «Адырраҭара» аҭҵаарадырратә журналқәа рсиа иахырыҧхьаӡалеит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аилатәараҟны ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәан Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа аҭҵаарадырра-практикатә журнал «Адырраҭара» аҭҵаарадырратә ҩаӡара аиуразы аусумҭақәеи ақәҵарақәеи зныло аҭҵаарадырратә журналқәа рсиа иахырыҧхьаӡалеит. Уи асиа еиднакылеит ҳтәылаҟны иҭрыжьуа егьырҭ ажурналқәагьы, урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟоуп :
«Аҧсуаҭҵаара.Аҧсуаҭҵааратә Институт аусумҭақәа реизга»;
«Алашара»;
Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа «Адырраҭара»;
Аҧсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа «Адырраҭара»;
«Аҟазара»;
Ажурнал «Аҟәа»;
Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет «Аҭҵаарадырратә усумҭақәа реизга»;
«Ашколи аҧсҭазаареи».
Асиа еиднакылаз аҭҵаарадырратә журналқәа ирылдыршоит ҳтәыла аҭҵаарадырратә кьыҧхьымҭақәа рыҩаӡара аизырҳара, ицхыраагӡахоит адиссертациатә усумҭақәеи аҭҵаарадырратә ҩаӡарақәа аиуразы аусумҭақәа ркьыҧхьраҟны.