Print this page
Серада, 24 Рашәара 2026 19:25

Санкт-Петербург XIV Жәларбжьаратәи азиндырратә форум аусура хацыркуп

Рашәарамза 24, Санкт-Петербург аусура хацнаркит  XIV Жәларбжьаратәи азиндырратә форум. Уи аусура  далахәуп Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩы Диана Ҧлиа.

Афорум хыс иамоуп : «Иаамҭоуп азинмчраҿы аҟазаара». Уи азакәанҧҵареи азини ахырхарҭақәа рҟны иналукааша ауснагӡатәқәа ирхыҧхьаӡалоуп. Уи еиднакылоит аҳәынҭқаррақәа рнапхгараҭара ахаҭарнакцәа, азиндырреи аҭҵаарадырреи ахаҭарнакцәа, аполитикцәа, жәларбжьаратәи аиҽкаарақәа рхаҭарнакцәа уҳәа .

Афорум аусура шьақәгылоуп ҳаамҭазы актуалра зцу  атемақәа инарықәыршәаны :

- Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа – зҽызыҧсахуа аамҭазы;

- Иҳараку азинмчра – аҳәынҭқарра азы;

- Азини ауаажәларреи;

- Азини абизнес аилазаареи;

- Атехнологиа ҿыцқәа азинмчраҿы;

- Аимакқәа рҭышәынтәалара;

- Азакәанҧҵара аҿиара;

- Азиндырратә хеилакқәа ҳаамҭазы;

 Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи афорум мҩаҧыслоит рашәарамза 24 инаркны 26 – нӡа. Иазгәаҭатәуп, Аҧснынтәи афорум иара убас ишалахәу Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Ахантәаҩы Саида Быҭәба, Аҧсны Аиустициа Аминистр Анри Барцыц, Жәлар Реизара Апарламент адепутат Ҭемыр Шергелиа.