Ҳтәыла ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟны иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 81 – шықәса ахыҵра.
Аҳҭнықалақь аҟны аныҳәатә уснагӡатә хацыркын Идырым Асолдаҭ иҳаҭгәын аҧхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала.
Уи рхы аладырхәит Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩи аӡбарҭа аӡбаҩцәа, аҳәынҭқарра анапхгара, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, аветеранцәа.
Лаҵарамза 9, 1945 шықәсазы ихыркәшан ҧшьышықәса инарзынаҧшуа ицоз аибашьра Ду.
Аҧснынтәи Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду иалахәын 55,5 нызқь ҩык аибашьцәа, урҭ рахьтә 17,5 нызқь ҩык аҩныҟа ихнымҳәыз иреиуоуп.
Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьыӡ иаҧсахеит – 23 ҩык ҳтәыла ауааҧсыра.