Аҧсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика азинмчы змоу Гарри Кәыпалба иаҧшьгарала, Приднестровиа иҟоу Аҧсны ахаҭарнак Алеқсандр Ватамани Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәеи реиҧылара мҩаҧысит. Аиҧылара иалахәын Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа Алиса Бигәааҧҳаи Лиудмила Хоџьашвили.
Аиҧылараҟны Приднестровиа иҟоу Аҧсны Аофициалтә Хаҭарнакра аусура иалацәажәеит, иара убас ирзааҭгылеит Аҧсны раҧхьатәи ахада иира ҧшьынҩажәа шықәса ахыҵра иазку аусмҩаҧгатәқәа.
Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа Алеқсандр Ватаман ҳамҭас ирҭеит 1917 шықәс инаркны аконституциатә актқәа реизгеи ахәыҷтәы конституциеи.