Print this page

Рҧышәа еиздырҳаит. Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа Аппарат ахаҭарнакцәа азанааҭдырра аизырҳара иазкыз акурсқәа ирхысит.

28 Мшаҧымза 2025

Аҧсны Аконституциатә ӡбарҭа Аппарат ахаҭарнакцәа Урыстәыла аҳәынҭқарра анапхгараҭара иатәу Азакәанҧҵареи Аиҿырҧшратә Зини Ринститут аҟны  азанааҭдырра аизырҳара иазкыз «Азакәанҧҵаратә актқәа : аиқәыршәареи анагӡареи» ҳәа хыс измаз акурсқәа ирхысит.

Аҧышәа аимадара иазкыз акурсқәа рхысра  алыршахеит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекономикеи азиндырреи Ринститути, Аҧсны Аконституциатә ӡбараҭеи, Урыстәыла аҳәынҭқарра анапхгараҭара иатәу Азакәанҧҵареи Аиҿырҧшратә Зини Ринститути русеицура иабзоураны.

Акурсқәа қәкы хадас ирыман азакәанҧҵара ус ҳаамҭа иақәшәо азнеиразы азанааҭдырра аизырҳара, атеориатәи апрактикатәи ҧышәа аизырҳара. Хшыҩзышьҭра рыҭан азакәанҧҵаратә актқәа реиқәыршәареи рыҭҵаареи аус аҟны азнеишьа ҿыцқәа рыԥшаара.

Акурсқәа рылахәылацәа алшара рыман азакәанԥҵаразы ҳаамҭа иақәшәо  азнеишьақәа рҵаразы.

Иззааҭгылаз азҵаарақәа иреиуоуп:

1.Аиҿкааратә закәанҧҵара : анагӡара амзызқәеи аҧҟарақәеи.

2.Аиқәыршәаратә зинтә актқәа аус рыдулара апринципқәа.

3.Аиқәыршәара зинтә актқәа рбызшәа аҷыдарақәа.

4.Аиқәыршәара зинтә актқәа раԥҵара : рынагӡара ахкқәеи аҷыдарақәеи.

Акурсқәа рхыркәшамҭаз алахәылацәа рзанааҭдырра аҩаӡара зырҵабыргуаз аршаҳаҭгақәа рыҭан.