Print this page

Аҧсны Аконституциа – 30 шықәса. Аҧсны иазгәарҭоит Азакәан Хада амш!

26 Абҵара 2024

Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан Хада рыдыркылеит абҵара 26, 1994 шықәсазы.

Ианрыдыркыла инаркны имаҷымкәа  аиҭакрақәа ирхысит.

30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Жәлар Реизара аҟны еиҿкаан астол гьежь – «Аҧсны Аконституциа 1994 шықәса : аҭоурых, ашьақәгылара, ҧхьаҟатәи аҧеиҧш».

Астол гьежь аусура лхы алалырхәит Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩы Диана Ҧлиа.