Print this page

Аҧсны Аконституциатә усӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ҧлиаҧҳа Нижегородтәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысуа IX Урыстәылатәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа далахәуп

04 Ԥхынгәы 2024

Ҧхынгәымза 4-5 рзы Н.И Лобачиов ихьӡ зху Нижегородтәи аҳәынҭқарратә унивесртитет аҟны имҩаҧысуеит IX Урыстәылатәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа. Уи далахәуп Аҧсны Аконституциатә ӡбара ахантәаҩы Диана Ҧлиаҧҳа. Аҭҵаарадырратә конференциа азкуп ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рзы  асоциалтә ҵакы змоу ахылаҧшратә усбарҭақәа русура, ахылаҧшратә усбарҭақәа  азанааҭдырыҩцәа рыла реиқәыршәара.