Print this page

Аҧсныи Урыстәылеи Рконституциатә ӡбарақәа рыбжьара аусеицуразы амеморандум рыбжьарҵеит.

29 Рашәара 2024

Рашәарамза 26, Санкт-Петербург Аҧсны Аконституциатә ӡбареи Урыстәылатәи  Аконституциатә ӡбареи рыбжьара аусеицуразы амеморандум рыбжьарҵеит.

Амеморандум  қәкыс иамоуп ҩ-ҳәынҭқаррак рмилаҭтә закәанҧҵара аҷыдарақәа инарықәыршәан аҧышәа аимадара, рзакәанҧҵаратә усбарҭақәа русеицура.

«Аҧсны Аконституциатә ӡбареи Урыстәыла Аконституциатә ӡбареи русеицуразы ашьаҿа  бзиа ҟаҵоуп. Уи иалнаршоит ҩ-ҳәынҭқаррак рконституциатә ӡбара аусбарҭақәа  русеицура, азакәанҧҵареи, аусӡбареи аусқәа рҟны  аҧышәа аизырҳара»,– ҳәа азгәалҭоит Аҧсны Аконституциатә ӡбара ахантәаҩы Диана Ҧлиаҧҳа.