Print this page

Карелиа Ареспублика Иреиҳау аӡбарҭа аӡбаҩ иԥылара

26 Рашәара 2024

Аԥсны Аконституциатә ӡбара аҟны имҩаԥысит Аконституциатә ӡбара аӡбаҩцәеи  Карелиа Ареспублика Иреиҳау аӡбарҭа аӡбаҩ Станислав Шьепалови реиԥылара.

Аԥсны Аконституциатә ӡбара ахантәаҩы Диана Ԥлиа асас иҭабуп ҳәа иалҳәеит ааԥхьара ахьидикылаз.

Анаҩс асас Аԥсны Аконституциатә ӡбара аӡбаҩцәеи Аконституциатә ӡбара аппарат ахаҭарнакцәа драбалырдырит.

Станислав Шьепалов иколлегацәа аԥышәа рымадаразы дырзаԥхьеит Карелиа Ареспублика аҿырԥштәы ала  Урыстәылатәи Афедерациа аусӡбарақәа реилазаареи атәылаҿацә апарламенти русеицура аиҿкаашьа иазкыз алекциа.